Урыстәылаа адгьыли анхарҭа ҭыԥқәеи раархәара азҵаара иалацәажәан

Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума ахаҭарнакцәеи урҭ аԥснытәи рколлегацәеи алацәажәеит урыстәылаа адгьыли анхарҭа ҭыԥқәеи раархәара азҵаара. Аицеилатәара мҩаԥган ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭакны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 3— Sputnik, Мария Шелудиакова. Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҟны иактуалны зҵаараны иҟоуп урыстәылаа адгьыли анхарҭа ҭыԥқәеи раархәара азҵаара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит урыстәылатәи адепутат Павел Шперов. Иара Аԥсны даны дыҟоуп аҳәынҭқарратә Дума ахаҭарнакцәа дрылахәны.

Аиҿцәажәараан аԥснытәи адепутатцәа иазгәарҭеит иахьазы Аԥсны ишымҩаԥысуа адгьылқәа акадастртә ҭаҩра рахыжьра апроцесс. Уи анхыркәшахалак иалыршахар ауеит урыстәылаа адгьылқәа раархәара, аиҳаракгьы ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы.

Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәаанырцә атәылауаа азин рымам Аԥсны анхарҭа аахәара.

"Макьаназы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азҵаара адгылаҩцәа аинвестициақәа ирзыԥшуп, аҿагылаҩцәа – урыстәылаа атәыла аҵакыра аиҳара аархәар ҳәа ишәоит", — иҳәеит Павел Шперов.

Урыстәыла анхарҭақәа раархәара азҵаара цәырҵит "ан лмазара" Аԥсны инхо ауааԥсыра рыҭара азҵаара иадҳәаланы.

Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума ахаҭарнакцәеи урҭ аԥснытәи рколлегацәеи алацәажәеит урыстәылаа адгьыли анхарҭа ҭыԥқәеи раархәара азҵаара.