"Зегь реиҳа ҳгәы шьҭызхыз, ԥхьаҟа иҳахо агәаҳәара ҳазҭаз, аиааира шаҳгоз агәра ҳзыргаз мшын жьҭаара фба Гагра араион ахақәиҭтәра аналыршаха. Уи иадҳәалоу ахәыцрақәа рацәаӡоуп, избанзар ҳархәҭақәа еиҿкааны иҟамызт. Еибадыруаз, еишьцәаз, еигәылацәаз, еиԥхнагацәаз уҳәа рыла еиҿкаан ҳархәҭақәа. Усҟан Пицунда ротак аҟынӡа имнеиуаз взводқәак еиҿкааны Аԥсара ҳәа иахьашьҭоу хыхь амандаринаҭраҟны ахырӷәӷәарҭақәа аанкыланы ҳаҟан. Амза аказы ашьыбжьышьҭахь Гагра ашьха иахьаԥну арыӷьарахьтәи аган игылоу аҩнқәа ҭарцәуа ԥхьаҟа ацара ҳадырҵеит. Ахәылбыҽханӡа Гагра арратә комиссариат аҟынӡа ҳнеит. Адырҩаҽны ҩаԥхьа ажәылара ҟалеит. Мышки бжаки рыла Гагра ақалақь ахы иақәиҭтәын, араион аҭарцәра хәымш-фымш аҭаххеит. Ари ҳажәлар ргәы шьҭнахит. Агәаӷьра ду аарԥшны аибашьратә кәамаҵамақәа зегьы шаҳзымдыруазгьы, уамашәа иубаратәы алҵшәа ҟалеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.