Арадио

Адлеиба: косики карате аҿы аҭыԥҳацәа рхы бзианы иаадырԥшуеит

Аԥсны косики карате Афедерациа апрезидент Демис Адлеиба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит, аҭыԥҳацәа ари аспорт хкы бзиа баны рыҽшазыркуа.
Sputnik

"Актәи ашкол ахыбраҿы иазыҟаҳҵоит ахәыҷқәа. Араионтә секциаҿы иазыҟалҵоит ҳҵаҩы, изныкымкәа Урыстәыла иачемпионхахьоу Татиана Романова. Сара ссекциа аагозар, хәҩык аҭыԥҳацәа сымоуп. Уажәы зегьы даарылукартә дыҟоуп Аҩӡԥҳа Софиа. Лара даара лықәра маҷуп, аха лхы бзианы иаалырԥшуеит", — ҳәа азгәаиҭеит Адлеиба.