Атуристцәа иалыркааит ҭагалантәи аныҟәарақәа рзы еиӷьу атәылақәа

Азҵаарақәа ирылахәын 60 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи. Иара аихшьаалақәа рыла ишьақәыргылан ҭагалантәи ахырхарҭақәа иреиӷьу рсиа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik. Атуристцәа еиқәырыԥхьаӡеит еиҳа зҭаара рҭаху ақалақьқәа быжьба ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Lonely Planet адыррақәа ҵааҵӷәыс иганы.

Аԥсны ҭагалан аԥсшьара ахәԥса еиҵатәуп

Атуристцәа ргәаанагарала Хорватиатәи ақалақь Шибеник ҭагалан азы аԥсшьара ахә 40% рыла еиҵахоит асезон аан аасҭа. Абҵарамзазы 80% еиҵахоит аԥхын аасҭа.

Ниурнберг (Германиа) – аԥхынтәи аамҭа иадкыланы аԥсшьара ахәԥса (цәыббра, абҵара) 40% рыла илаҟәуеит.

Европа аҟны амацара акәӡам ҭагалантәи аԥсшьарақәа еиҳа рыхәԥса ахьыладырҟәуа. Убас, аргентинатәи ақалақь Сан-Антонио де Ареко, аҭаара 20% рыла ифеидахоит, италиатәи Бергамо аҿгьы убас.

25% рыла ифеиданы уԥсы ушьар алшоит испаниатәи Касерес аҿы, 50% рыла — Котор (Черногориа).