Арадио

Ҷыҭанаа: ҳаҵлақәа цәажәозҭгьы "ҳажәит уаҳа ҳалшом!" ҳәа рҳәарын

Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит иахьа ақалақьқәа зырԥшӡо аҵла дуқәа аныӡӡаар шалшо.
Sputnik

"Ҳбаҳча иаҿырԥшны иаагозаргьы, аҵла ахықәцәқәа шәрыхәаԥшыр, иумбар залшом ихҩааны ишыҟоу,  уи иаанагогьы убри ауп — урҭ рықәра цахьеит. Дара рыԥсахра аамҭа ааины иҟоуп. Ҳара уи еилкааны иқәганы даҽакы авеиҭаҳҳар ауп. Аевкалиптқәагьы убас ауп ишыҟоу. Дара рыԥсадгьыл аҿы арҭ аҵлақәа 300 шықәса ицозаргьы, Аԥсны дара ирыԥсадгьылым, рықәра абжара ауп нҵырас ирымоу. Убри азоуп ԥшак анаслакгьы, ихжәаны изкаҳауа. Ҳақалақь зырԥшӡо арҭ аҵла хкқәа мыӡырцаз, заа ирывеиҭаҳалатәуп аҿа", — ҳәа азгәаиҭеит Ҷыҭанаа.