Гәдоуҭа араион аҿы аԥсыҭбара зцу амҩатә машәыр ҟалеит

Гәдоуҭа араион аҿы, ахаша, асааҭ 18:00 рзы амҩатә машәыр ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik. Заанаҵтәи адырракәа рыла, автомашьына Mazda аԥсҟы зкыз иуԥыло амашьынақәа злаауа амҩатә цәаҳәахьы диасны иааиуаз автобус маҷ Mercedes-Benz Sprinter дасит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.

"Амҩатә машәыр иахҟьаны автомашьына Mazda аԥсҟы зкыз, 1995 шықәса рзы ииз ауаҩԥсы иԥсҭазаара далҵит. Автомашьына Mercedes-Benz Sprinter аԥсҟы зкыз, 1956 шықәса рзы ииз ауаҩԥсы ахәышәтырҭахь днагоуп", — ҳәаа ҳәоит адырраҭараҿы.

Автобус маҷ фҩык апассаџьырцәа ҭан. Урҭ рҟынтәи хәҩык амедицинатә цхыраара рыҭоуп.

Иҟалаз ахҭыс шыҟалаз аҭҵаара иаҿуп рҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Фото с места аварии