Арадио

Ҳагба акиносахьа "Ақәыџьма" иазкны: зеилкаара мариам сиужетуп

Арежиссиор Ада Қәираиа авторс дызмоу акиносахьа "Ақәыџьма" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа. Афильм аԥсышәала абжьы ахазҵаз, актиор Кьасоу Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит акиносахьа аиҭахәаԥшра зҭаху аԥҵамҭақәа ишреиуоу.
Sputnik

"Иҟоуп имариоу асиужет аҵакы змоу афильмқәа, иаразнак еилукаауа, адраматургиа зыхҟьо. Иҟоуп автор дахыгьежьаауа, дакәшауа, ахәаԥшҩы иҟынӡа инаигар аниҭаху. Уи абри аклассикатә музыка иаҩызоуп, иҟоуп изгәаԥхо, иҟоуп изгәамԥхогьы. Иара ажәабжь "Ақәыџьма" — Даур Наҷҟьебиа иҩымҭа — уамакала исгәаԥхоит.  Уи афильм алхра ус имариаӡам, аха Ада Қәираиа ишыҟалҵаз бзиоуп", — ҳәа азгәаиҭеит Ҳагба.