Хра злоу ахҭысқәа: Ҳалбадԥҳа арҵаҩы изанааҭ иазкны
© Sputnik
"17 шықәса анысхыҵуаз инаркны иахьанӡа арҵаҩы изанааҭ снапы алакуп. Иахьа уажәраанӡагьы санқәыԥшӡаз исымаз агәы цаҳә-цаҳәра, аӡәы акы исырҵандаз, аӡәы ак иасҳәандаз, ҟәыш ажәак сызиаҳәандаз ҳәа иахьагьы сыҟоушәа сгәы иабоит. Аҿар урыцны амардуан уанхало, ианкәзаалакгьы уқәра ухаҿы иааиӡом, уқәра убӷа иқәлаӡом, сара есымшагьы сқәыԥшны схы сыԥхьаӡоит, аҿар срылагыланы санцо дара срықәлоуп. Ҳаԥсуа ҿар рҟнытә даара узеигәырӷьаша аҿар гылоит, уи уамеигәырӷьар залшом", — ҳәа азгәалҭеит Ҳалбад арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.