Какоба: абыԥара ҿыц раазараҿы арҵаҩцәа аҭакԥхықәра ду рыцуп
© Sputnik
"Арҵаҩра иҷыдоу абаҩхатәра ҳаракуп. Арҵаҩцәа ирааӡо, арҵаҩцәа ирымардо адыррақәа рыла, ҿыц игыло ҳтәыла абиԥарақәа реизҳараҿы рыҿиара аҟны иҟарҵо алагамҭа дуӡӡоуп. Ҳтәыла аҿы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы арҵаҩра жәытә –натә аахыс апатуи аҳаҭыри занааҭны иԥхьаӡан. Ҳарҭ ҳаԥсҭазаара зегьы иалдан иаагоуп ҳарҵаҩцәа рахь иҳамоу абзиабареи апату еиқәҵареи. Изызҳауа абиԥарақәа рааӡара аҟны ҭакԥхықәра дула иазнеиуа иахьа иҳамоу ҳааӡаҩцәеи ҳарҵаҩцәеи роуп. Урҭ русура ауп еиҳарак ишьақәзыргылоу ҳтәыла аԥеиԥш бзиагьы дара рнапаҟны ауп иахьыҟоу", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба.