Арухаа: аӡбаҩцәа ҳусумҭа иазҿлымҳан, иџьаршьон, изхәыцда, ҳәа иҳазҵаауан

Адыга культура жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥысит 2018 шықәса жьҭаара 2-6 рзы, Адыгатәыла 27 шықәса ахыҵра аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik. Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр алахәын Маиҟәаԥ имҩаԥысыз Адыга культура VIII жәларбжьаратәи афестиваль ҳәа ааицҳауеит аоркестр анапхгаҩы Денис Арухаа.

"Ҳколлектив ианашьахеит аԥхьахә ҭыԥ. Аӡбаҩцәа рхаҭарнак акырӡа игәаԥхеит ҳусумҭа, ҳирҽхәеит. Ҳара ҳзы ари хҭыс дууп — раԥхьаӡа акәны атәыла анҭыҵтәи гастрольқәоуп, ҳԥышәа аизырҳараҿы ицхыраагӡоуп. Афестиваль — амузыказы ныҳәа дуун", — иҳәеит Арухаа.

Арухаа адыга-черқьес жәлар ркультура афестиваль алахәхара иазкны: хҭыс дууп

Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр афестиваль азы иазнырхеит аԥҵамҭа "Исламеи" адыга кәашаразы.

"Афестиваль аҟны идҳарбар ҳҭахын, ҳинструментқәа рыла жәлар рфольклор ахәмарра ада, Кавказ ажәларқәа рмузыка арҳәара шҳалшо. Аиашазы, акәашареи амузыкеи акырӡа еиԥшымызт, уи аҟнытә аӡбаҩцәа иазҿлымҳан ҳусумҭа. изхәыцда, ҳәа иҳазҵаауан", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Адыга культура VIII жәларбжьаратәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәаратә, рыкәашаратә ансамбль "Исламеи" асахьаркыратә напхгаҩы, акомпозитора Аслан Нехаи 75-шықәса ихыҵра иазку аиубилеитә хәылԥазы.

Иара убасгьы аныҳәа апрограммаҿ иҟан афестиваль аконкурстә программақәа, аноминациақәа: "Авокал", "Ахореографиа", "Жәлар ринструментқәа" рыла.

Жьҭаара 3 рзы Т. М. Керашев ихьӡ зху Адыгатәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны имҩаԥган анаука-практикатә конференциа: "Адыги: проблемы сохранения культурного наследия и этнической самобытности" атемала.

Афестиваль хыркәшахоит Аҳәынҭқарратә филармониаҟны амастер-классқәеи арҿиаратә еиԥыларақәеи рыла. Иара убри амш аҽны афестиваль алахәылацәа Адыгатәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи ирҭаауеит.