Арадио

Ҳаԥаҭ: ҳџьынџьуаа рҟынтә зегь раԥхьа аҿар хьарԥштәуп Аԥсныҟа

Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыша рзы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ртәы дазааҭгылеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны зыԥсадгьыл иазыгьежьыз, Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳаԥаҭ.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Ҳаԥаҭ зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыша ҳџьынџьуаа ирызкны

"Арепатриациазы аилак анапхгара адемографиа азҵаара аӡбара иазҿлымҳауп: Ҭырқәтәылантәи ҳџьынџьуаа рзы аҩнқәа рыргылара, иааганы рнырхара. Аха уи ада шаҟаҩы астудентцәа арахь иаҳзаагахьеи аибашьра еилгеижьҭеи? 25 шықәса ирылагӡаны? Сара шәсазҵаауазар, иаҳа еиӷьын есышықәса астудентцәа ҳзаагозҭгьы, абри ауадақәа рыҟаҵара, аҩнқәа рыгылара иақәҳарӡо аԥара астудентцәа араҟа аҵара дырҵарахьы иҳашьҭуазҭгьы. Аҿар мацара ааганы, аԥсуа университет иҭаҵаны иҳамазҭгьы алҵшәа шәынтә еиҳахон. Абри азҵаара ҳзымӡбеит, адемографиа азҵаарагьы уи ала иҳацәцоит. Есышықәса ҩажәа-ҩынҩажәаҩык рҟынӡа астудентцәа ааҳгозароуп. Урҭ араҟа ианааӡахо, араатәи аԥсҭазаара иаҳа иашьаӷәыҭны иҟалон", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаԥаҭ.