Арадио

Аҳәԥҳа акьанџьақәа рцәыргақәҵазы: сеигәырӷьоит, сусумҭақәа амилаҭтә цәа ахьрыҟәну

Москва имҩаԥысуа XIV жәларбжьаратәи автортә кьанџьақәа рсалон далахәын Аԥснытәи аҟаза Асида Аҳәԥҳа. Лара иӡырылгаз лусумҭақәа ирымоу азҿлымҳара атәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы.
Sputnik

"Стәыла аӡбахә ауаа иахьраҳаз, сҟазара ахьыдсырбаз, сыԥсадгьыл хазына бзиа избо ақьабзқәа раарԥшра ахьсылшаз даара сеигәырӷьоит. Ауаҩы давсны данцо, иаразнак илаԥш ақәшәоит, иааины исыдгылоит, ргәы иахәоит ҳҟазара. Сцәыргақәҵа "Ашьхарыуаа" захьӡазҵаз ҳара аешьаратә жәларақәа еицаҳзеиԥшу рацәоуп азоуп. Уи иаднаԥхьалеит егьырҭ амилаҭқәагьы. Астенд иахагылоу аԥсуа бираҟ анырбалак иааины иазҵаауеит, ари закә ҳәынҭқарроузеи ҳәа. Харантә иааз амилаҭқәа иџьаршьоит, саргьы англыз бызшәазы исымоу сдыррақәа еизыркәкәаны ирезеиҭасҳәоит ҳазусҭцәоу. Ари са сзы иҷыдоу цәыргақәҵоуп, иара сара снапы злаку аус иахьадҳәалоу аҟнытә", — ҳәа азгәалҭеит Аҳәԥҳа.