Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит Ҭаҭарсҭан ансамбль "Кавказ" шрыдыркыло атәы

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" Ҭаҭарсҭан агастрольқәа шымҩаԥысуа атәы ҭелла арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа изеиҭеиҳәеит ансамбль адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба.
Sputnik

"Асценаҿы ҳара мацара ҳауп иқәгыло, асолотә концертуп. Ҳахьнеиуа аханқәа рҿы рҽеилаҳәаны, рмилаҭтә маҭәа рышәҵаны рҽеиџьыка рнапы иқәыргыланы иаҳԥылоит. Даара ибзианы ҳрыдыркылоит, ауаа рацәаны аконцертқәа рахь иааиуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.