Арадио

Занҭариа: апародиақәа алитературатә-уаажәларратә ԥсҭазаара дырҿыхоит

Апоет, апублицист Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит акритика ахкқәа иреиуоу апародиақәа ыҟазароуп, урҭ алитературатә-уаажәларратә ԥсҭазаара дырҿыхоит ҳәа.
Sputnik

"Еишьашәалоу ажанрқәа — апародиеи аепиграммақәеи ҳаԥсуа классикцәа дуқәа ажурнал "Алашара" аҟны дара–дара рыхьӡибартәрақәа анырҵон. Апародиа амч ӷәӷәа аарԥшра зылшаз иоуп Владимир Аҵнариа. Уи ибаҩхатәра хкы рацәала еилан. Иахьа иара ипародиақәа уаныргәылаԥшлак, угәалаҟазаара иаразнак ҽакала иҟалоит, убас ала ахҭа иҭаиршәуан. Абри са сгәанала иаҭахуп. Алитература иара ус ишьшьылаҳа мацара ицо иалагар, даараӡа аиҵахара аиур ҟалоит. Апародиа — акритика ахкқәа иреиуоуп. Апародиа ахәылԥазқәа рымҩаԥгара иарҿыхоит алитературатә-уаажәларратә ԥсҭазаара. Аԥсҭазаараҿы алаф ыҟазароуп. Чарирама аныҟаз шаҟа ҳарҿыхоз, иахьа иҳагу рацәоуп", —ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.     

Аԥсуа поетцәа злахәыз апародиақәа рыхәылԥаз жьҭаара 5 рзы имҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҟны. Ахәылԥаз иалахәын Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, Гунда Кәыҵниаԥҳа, Алхас Чхамалиа, Гунда Сақаниаԥҳа.