25-шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны аретродәыӷба Аԥсныҟа иааит

Адәыӷба "Золотой орел" ашьыжь асааҭ 7:30 рзы аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысны Аԥсны аҵакырахь иҭалеит. Асааҭ 10:56 рзы Афон Ҿыц, адәыӷбаангыларҭа "Ԥсырцха" аҿы иааҭгылеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. 25-шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны атуристтә ретродәыӷба "Золотой орел" Аԥсныҟа иааит.

Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, аретродәыӷба аара иуникалтәу хҭысуп. Аамҭакала 13 тәыла рҟынтәи атуристцәа Аԥсныҟа еицааит иарала.

"Урыстәыла асеиԥш иҟоу атурқәа изныкымкәа имҩаԥыргахьеит аха арахьтәи ахырхарҭала раԥхьаӡа акәны иааиит. Аԥхьа иазыԥхьагәаҭан Шәача аҵыхәтәантәи аанҿасырҭаны иҟазарц, Аԥсныҟа автобусла иаарц, аха ҳара аҳәара ҟаҳҵеит адәыӷбала ҳтәылахь иҭаларц", — иҳәеит иара.

Акласс "Люкс" иатәу "Золотой орел" ииасыз ашәышықәса абжаратәи дәыӷбоуп. Иарала Урыстәылеи Аԥсни рныҟәарақәа мҩаԥыргеит Германиа, ЕАШ, Великобританиа, Швеицариа, Голландиа, Швециа, Австралиа, Аладатәи Африка, Уругваи, Бразилиа, Канада, Иапониа, Урыстәыла рхаҭарнакцәа.

Атур ахәԥса еиҵа иартәоит аа-нызқь доллар. Аныҟәара иалагӡаны апассаџьырцәа 7 500 километра иахысуеит.

Паровоз

Акруиз хацыркхеит Москва. Уажәы Аԥснынӡа иааит. Атуристцәа Афон Ҿыц аԥшӡарақәа рбеит, амилаҭтә чыс агьама рбеит. Инарҭбаан Афон Ҿыц аԥшӡарақәа аныддырба ашьҭахь, адәыӷба шьҭахьҟа игьыжьит.

Аретродәыӷба 14 пассаџьыртә вагони авагон-ресторанқәа ҩбеи рыла ишьақәгылоуп. Аныҟәараан атуристцәа ҩ-ҭыԥк змоу акупеқәа рҟны инхалоит. Адәыӷба фымцалашарала ахы абоит, мызктәи афатә-ажәтә ацуп.