Бзыԥтәи ашҭаҿы аҽырхәмарразы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысит

Ачемпионат апрограмма иалан аҽырыҩра адагьы ацәеигәыдҵеи аҽымпыли.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Бзыԥтәи ашҭаҿы аҽырхәмарразы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны аҽырхәмарратә спорт Афедерациа апрезидент Аслан Камлиа.

Аҽырыҩра Кәтолаа рыҟны

Ачемпионат апрограмма иалан аҽырыҩра адагьы аҵәеигәыдҵеи аҽымпыли.

Аҵәеигәыдҵазы афинал аҿы еиԥылеит Лыхни Кәтоли ркомандақәа. Кәтолаа аиааира ргеит. Аҽымпылхәмарра хыркәшахеит еиҭахарала.

Аҽырыҩра мҩаԥысуан аа-дистанциак рыла. 1200 метра аҩраҿ аиааира игеит Инал Гәаланӡиа, 1400 метра рҿы –Ревзан Хатков, 1600 метра рҿы – Ҭемыр Чхебелиа, 1800 метра рҿы – Анзор Саманџьиа, 2000 метра рҿы – Озган Иура.