Арадио

Ҷыҭанаа: Аԥсны абнақәа хыршьаауеит ҳәа аҳәара ииашам

Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны абнақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik

"Аҵлақәа ԥҟаны ианалгалак ашьҭахь, ҳанхало игәаҳҭоит, иԥырҟаз амахәқәа шкаԥсоу. Ақыдқәа ахьдырҳәазоз амҩақәа рҭагылазаашьа ҳахылаԥшуеит. Иԥырҟаз адырга ҷыдақәа змоу ракәу, ракәму гәаҳҭоит. Абна аиҭашьақәыргалара атәы ҳҳәозар, уи знапы иану абнааӡаҩцәа роуп. Абна анхамҩатә усбараҭа абна ааӡара иахылаԥшуеит. Аиҭаҳара апроцесс ацара иаҿуп, аха даара ихьысҳан. Абна ахшьаара иаҿуп ҳәа алкаа аҟаҵара иашаӡам, ҳәарада, имҩаԥгатәу аусурақәа рацәоуп, аха абна иахьырҭаху ишырҭаху иҭыргоит ҳәа аҳәара ииашам", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.