Арадио

Ҭарба амармалташьтә пты иазкны: ахәышәтәраҿы угәы урҭынчыр ҟалаӡом

Амармалташьтә пты анырҵәаразы ахәшәтәра лассы-лассы имҩаԥгалатәуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ақытанхамҩа аҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыпуаҩ Фиодор Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Sputnik

"Знык ахәышәтәра аныҟарҵа, ҳәарада, иахәеит, аха аӡәырҩы уи аҩынтә раан иҟарымҵеит. Анхацәа иахәазшәа анырба ргәы дырҭынчит, аха ара угәы урҭынчыр ҟалаӡом. Ахәшә анкауҭәа нахыс жәамш анааҵлак, ауҭра аума, адәы аума уахәаԥшлар ауп. Еиҭа ишааубалак иухәышәтәыр ауп. Уи зегьынџьара иҟаҵатәуп, џьарак мацара иахәаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.