Хра злоу ахҭысқәа: Дбар амармалташьтә пты ахыԥхьаӡара аизҳара иазкны
© Sputnik
"Еизыргаз апты даара иҳахәеит, аԥхара аныҟала дара цәырымҵит, акәҭаӷь хырымҵеит, иахылҵыз ҟамлеит, имҿиеит, ажәакала. Ахыԥхьаӡара даара имаҷхеит уҳәар ҟалоит. Абас еиԥш акциа еиҭа имҩаԥгатәуп. Еиҭа, апты аҿиаразы ԥырхагас иҟалаз факторк акәны избоит — аҳауа аҭагылазаашьа лассы-лассы аҽеиҭакра, апты амчқәа каԥсеит. Еиҭа, иазгәаҭатәуп, ҳаԥсабара хәыҷы-хәыҷла апты аднакылоит. Ицәырҵит дара зфо аҵарақәа, ахәаҷақәа", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар.