Арадио

Ԥачлиа: анемеццәа Кавказ ргазҭгьы, Асоветтә ҳәынҭқарра аҭагылазаашьа цәгьахон

Аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵаҩ Валикәа Ԥачлиа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны еиҭеиҳәеит 75 шықәса раԥхьа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан Кавказ азы иҟаз аибашьра атәы.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥачлиа Кавказ азы иҟаз аибашьра иазкны

"Усҟан анемеццәа аиааира ргазҭгьы Асоветтә ҳәынҭқарразы аҭагылазаашьа даара ицәгьахон. Кавказ ргазҭгьы рнапахьы иааргон Бақәа, анефҭ. Убрахь икылсырц рҭахын, даара рҽазыҟаҵан иҟан. Анемец архәҭақәа Кавказ ашьхақәа рыла знык изылбаар, Ҭырқәтәыла анемец дидгыланы деибашьыр акәын. Аҭырқәа ир уи иазыхиан", — ҳәа азгәеиҭеит Ԥачлиа.

75 шықәса раԥхьа жьҭаара 9, 1943 шықәса рзы ихыркәшан Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан ицоз Кавказ агаразы иҟаз аибашьра.