Арадио

Ҭарба: уахгьы-ҽынгьы схы иҭоу Кремль ҳақәгылара ауп

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" алахәуп Москва имҩаԥысуа аиубилеитә цәыргақәа "Ахьтәы ҭагалан" аартра. Иарбан кәашароу ансамбль ахәаԥшцәа ирыдыргало, насгьы ишԥацо аҽазыҟаҵарақәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба.
Sputnik
Ҭарба: уахгьы-ҽангьы схы иҭоу Кремль ҳақәгылара ауп

"Жьҭаара жәеиза рзы Москва ҳҟалоит, имҩаԥысуеит агенералтә ҽазыҟаҵара, афестиваль20 ҳәынҭқарра алахәуп. Ҳақәгылара 12 минуҭ аамҭа азыԥҵәоуп. Уи аҩныҵҟа ахәаԥшцәа идҳарбоит, "Кавказ" захьӡу, ҳконцерҭқәа абжьааԥны излахҳаркәшо афиналтә қәгылара. Аҵыхәтәаны асценахь ицәыраҳгоит аԥсуеи аурыс бираҟқәа. Уи дара иалыркааит, дара ирҭаххеит. Уахгьы —ҽангьы схы иҭоу Кремль ҳақәгылара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.