Арадио

Ҵәыџьԥҳа Шаповалов изкны: аибашьраан аӡәырҩы ԥсеиқәырхагас дрыман

Иԥсҭазаара далҵит аԥҟаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Максим Шаповалов. Иара Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Ҭҟәарчалтәи агоспиталь аԥҟарҭатә ҟәша дахагылан. Sputnik Аԥсны астудиа аҟны иара дылгәалалыршәоит усҟан аус ицызуаз амедеиҳәшьа, иахьа Аҟәатәи Ақалақьтә хәышәтәырҭа аԥҟарҭатә ҟәша амедеиҳәшьа аиҳабы Алла Ҵәыџьԥҳа.
Sputnik
Ҵәыџьԥҳа Шаповалов игәаларшәара иазкны

"Аԥҟарҭатә уада уаныҩнала нахыс бжьык гар ҟаломызт. Аибашьра зегьы Ҭҟәарчалтәи агоспиталь дахагылан Максим Шаповалов. Ахәра ӷәӷәа зманы иааргоз зегьы аԥҟарақәа ҟазҵоз иара иакәын. Ашьыжь иҩналаз аԥҟарҭа адырҩаҽны ашамҭаз данаадәылҵуаз ыҟан. Ҽнак ахәра бааԥсы змаз аибашьҩы акоридор аҿы дԥиҟеит, уи алагьы иԥсы еиқәирхеит. Ус еиԥш ахҭысқәа рацәан", — еиҭалҳәеит Ҵәыџьԥҳа.