Арадио

Шьалашьаа еиҭеиҳәеит Аԥсны имҩаԥысран иҟоу аусуратә форум заҭаху

Аԥсныи Урыстәылеи русеицуразы ажәбатәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит жьҭаара 12, ахәаша. Афорум иаҳнаҭо, уи амҩаԥгара аҭахны изыҟоу атәы Sputnik арадио аҟны дырзааҭгылеит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Заур Шьалашьаа.
Sputnik
Шьалашьаа еиҭеиҳәеит Аԥсны имҩаԥысран иҟоу аусуратә форум заҭаху

"Иҳаҩсыз афорумқәа иалҵшәаны ацхыраара аҭан, еиҳарак, ақыҭанхамҩа иатәу ахырхарҭа. Иҟан иара убас акурортә аобектқәа, анаплак маҷ, анаплак ду, рзы аиқәшаҳаҭрақәа знапы аҵаҩҩыз. Урҭ рылҵшәақәа зегьы атәы зҳәо, уажә ҳанеиқәшәо, аҳасабырба ҟалоит. Иумбар залшом 30 миллиард мааҭ инареиҳаны аԥара аланагалахьеит Аԥсны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа алымҵакәа. Убарҭ зегьы шышьақәыргылоу, абас еиԥш аилацәажәарақәа имҩаԥгаз, анаҩс анапаҵыҩрақәа, анаплакқәа рнапхгаҩцәа, араион администрациақәа рнапхгаҩцәа, аминистрацәа уҳәа ирылҵшәахеит", — ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.