Арадио

Ҭыжәба: амандарин аҽаҩра беиоуп, ахәаҷа-маҷа ҳзацәцар

Гал араионаҿ амандарина ааӡарҭа змоу Генрих Ҭыжәба арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит сынтәа ацитрусттә шәырхкы аҽаҩра акырӡа ишеиӷьу иҳасҩыз ашықәс аасҭа.
Sputnik
Ҭыжәба: амандарина аҽаҩра беиоуп, ахәаҷа-маҷа ҳзацәцар

"Сынтәа амандарина аҽаҩра бзиоуп, иагьырацәоуп. Ҩынтә раҟара еиҳаны иаҿазар ҟалап, аҟәазхареи ашәышьагьы бзиоуп. Ахәаҷа-маҷа мыжда ҳԥырхагоуп даара, абаржә хәынтә ауп ахәышәтәра мҩаԥаагоижьҭеи. Ҳацәцап ҳәа сгәы иаанагоит. Егьырҭ араионқәа рҿы сыздырам, аха ҳара ҳҿы амандарин амармалташьтә пты ԥырхага анамҭеит", — азгәеиҭеит Ҭыжәба.