Аԥсуа драматә театр амина аҵоуп ҳәа адырра иҟаҵаз мцын

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр амина аҵоуп ҳәа адырра ҟаҵан жьҭаара 10, асааҭ 18:00 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь адырра ҟаҵан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр амина аҵоуп ҳәа. Абри азы Sputnik акорреспондент адырра ирҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҟынтә.

"Аҭыԥ ахь инеиит ААР, АҶА рмаҵзуҩцәа. Аԥшаарақәа рышьҭахь шәарҭара шыҟам шьақәдыргылеит", — ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы.

Адрамтеатр иаакәыршаны, Лакобеи Пушкини рымҩақәа аркын. Ашәарҭадара аиҿкааразы амшын ԥшаҳәахьы анеирҭагьы аркын.

Акинологцәа адраматә театр агәаҭара ашьҭахь шәарҭара шыҟам рҳәеит.

"Х-сааҭк инарзынаԥшуа аԥшаарақәа мҩаԥаагон. Атеатр ахыбра ахы инаркны аҵыхәанӡа ҳаимдеит. Алақәа урҭ аԥшаарақәа ирзыҟаҵоуп. Шәарҭара ыҟам", — иҳәеит акинолог.

Уажәшьҭа аҭел иасыз ишьақәыргыларазы аусҭҵаарақәа мҩаԥгахоит.