"Рхымҩаԥгашьа цәгьала исгәамԥхеит. Ари атеннис ухәмаруазар, ма ашахмат уасуазар, уи даҽакуп, уара ухала уҟоуп. Ари ашьапылампылтә клуб дуӡӡа "Зенит" иалахәылоуп, уахьыҟазаалакгьы уара уклуб уахаҭарнакуп, уи ахьӡ ныҟәугоит, ҳәарада, ухымҩаԥгашьагьы уи анырра анаҭалароуп. Аспортсменцәа, абжьааԥны, уи рхы иаҭәаршьоит, ԥарала рыҽшҿырхуа рдыруеит азы", — ҳәа азгәеиҭеит Каӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Жьҭаара ааба рзы иҟалеит адырра петербургтәи "Зенит" ажәылаҩ Александр Кокорини "Краснодар" ахьчаҩбжа Павел Мамаеви аҳҭнықалақь акаҳуажәырҭақәа руак аҿы ауаҩы дрыпҟеит ҳәа. Ирыпҟаз ауаҩы – Урыстәыла ахәаахәҭреи ааглыхреи рминистрра аусзуҩ Денис Пак, ахәшәтәырҭахь днаган.
Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла арегламент ахәҭаҷ 10 инақәыршәаны, аспортсменцәа ԥхьаҟазы ашьапылампыл асреи астадионқәа рҭаареи азин рымнахыр алшоит.