"Мисс Мира 2008" Ксениа Сухинова "Аҟәатәи аҩра" лҽалалырхәуеит

"Аҟәатәи аҩра" мҩаԥгахоит жьҭаара 13 рзы, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа ахьӡала.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Run Sukhum — акрызҵазкуа спорттә уснагӡатәуп, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа ахьӡала имҩаԥгахоит — лҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз, Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ, аиндаҭлара "Мисс Мира 2008" аҿы аиааира згаз Ксениа Сухинова.

Сухинова асеиԥш иҟоу аҩрақәа изныкым дрылахәхахьоуижьҭеи. Уаанӡа лара дрылахәын "Москватәи амарафони" "Гонка героеви". Лара лажәақәа рыла, аҩра улшаразы еснагь уазыҟаҵазароуп.

Sputnik Аԥсны "Аҟәатәи аҩра" адгылара анаҭеит

"Аспорт знапы алаку ауаҩы изы аҩра аҽазыҟаҵара аҭахны иҟам. Аха раԥхьаӡа акәны асеиԥш иҟоу аҩра зҽазызшәо ирцәыуадаҩхоит. Есыҽны маҷ-маҷ уаамҭа иацҵо уҩлароуп", — лҳәоит лара.

Ксениа Сухинова – аиндаҭларақәа "Мисс Россия 2007", "Мисс Мира 2008" рҟны аиааира лгахьеит. 2017 шықәса рзы Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ ҳәа лыхьӡ ҳәан.

Аҟәатәи аҩра — Run Sukhum мҩаԥысуеит Аҟәа, жьҭаара 13 рзы.

Раԥхьаӡа акәны ауснагӡатә мҩаԥган жьҭаара 15, 2017 шықәса рзы. Усҟан иалахәын 300-ҩык, 2018 шықәса рзы алахәылацәа рхыԥхьаӡара 500-ҩык ҟалеит.

Sputnik Аԥсны информациатә партниорны иазыҟалоит акциа Run Sukhum.