Арадио

Закан Нанба: аԥсуа ар аибашьра иалиааит

Жьҭаара 11, 1992 шықәса рзы Аԥсны иаԥҵан арбџьарамчқәа. Арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы - ԥхьатәара иҟоу аинрал, 2007-2010 шықәсқәа рзы атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз, Леон иорден занашьоу Закан Нанба еиҭеиҳәеит уи шыҟалаз атәы.
Sputnik

"26 шықәса раԥхьа аԥсуа ар аибшьара иалиааит. Аибашьрагьы цон,  аргьы аԥышәа роуан. Владислав Арӡынба Гагра ахы ианақәиҭаҳтә ашьҭахь ақәҵара идикылеит, аԥсуа ар аԥҵаразы. Еиҿурԥшуазар? иуҳәар ҟалоит, ар еибашьра ирышьҭыз амаалақь иҩызан ҳәа. Ҳзабашьуаз ҳаҵкыс ҳәынҭкарра дуун, дара ирымаз абџьар Кавказ анҭыҵтәи арратә округ бџьарс иаарымаз, Асовет мчра анеилаҳа, акызаҵәык мгаӡакәа дара инарҭын ианца, ҩымш-хымш рыла Аԥсны ртәыртәырц иаԥшьаргеит", — игәалаиршәоит Нанба.