Ашәба: афорум аиҿкаара аҵак ду амоуп
© Sputnik
"Актәи афорум Пицунда имҩааԥагон жәаҩа шықәса раԥхьа. Урыстәыла аганахьала Сергеи Бабурин дыҟан, аидеиагьы иара итәын. Ҳақәгәыӷуан афорум ахахьы иагаша рацәахап ҳәа. Ус иагьыҟалеит. Афорум иабзоураны иҟалаз рацәоуп, абизнес знапы алаку рзоума, аҳәынҭқарартә усзуҩцәа рзоума. Раԥхьа ҳаналагоз Аԥсны апропагада аҟаҵаразы аҵак ду аман, еизнагоз рацәаҩын. Ахықәкқәа зегьы зынанамыгӡазаргьы, аиҿкаара аҵак ду аман", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.