Хра злоу ахҭысқәа: Дбар амармалташьтә пты ашьразы иҟаҵатәу иазкны
© Sputnik
"Акартонт иалху аиашьик иҭарыԥсоит, уаҟа иҟарҵоит акылҵәарақәа, анаҩс пты ҭаларатәы, нас инаганы дара ахьыҟоу иургылоит. Аамҭа такә анцалак, дара зегьы уахь иҭаланы рцәырҵәахуеит, ианыхьшәашәарахалакь идәылган ублыр ашлоит. Егьыс, ҳәарада, ахәаҷа-маҷа ахәшәтәразы аметод ԥсахтәуп. Зегь реиҳа ихәарҭаны сахәаԥшуеит, иара апты еизызго аферомон. Ҵлак аҿы икнауҳауеит аферомон, иара изнагоит ахәаҷа-маҷа, анаҩс уи аҵла ахәшә ақәуҭәоит", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар.