Арадио

Мамед-оглы еиҭеиҳәеит сынтәа "Аҟәатәи аҩра" ҷыдарас иамоу атәы

Избан "Аҟәатәи аҩра" ас азҿлымҳара бзиа замоу, насгьы арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа аиԥхныҩра аҽны ихы алархәхаразы иплан зхыбгалаз атәы астудиаҿы еиҭеиҳәеит клуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак Асҭамыр Мамед-оглы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мамед –оглы "Аҟәатәи аҩра" иазкны

"Аҭыԥқәа ыҟамыижьҭеи ҩымчыбжь ҵуеит. Иҩуа рзы 500 ҭыԥ ауп ыҟоу. Аиԥхныҩра зхы алазырхәырц зҭаху рхыԥхьаӡара еиҳахар, иҷыдоу ашәҵатәыи, амедальқәеи рмоур алшоит. Ахәыҷқәа рзы аҩра иалагоит асааҭ 10 рзы, дара рзы 300 ҭыԥ ыҟан, еиуеиԥшым адистанциақәа. Адуцәа рзы 200 ҭыԥ. Сынтәа иҟоуп 25 км адистанциагьы, иара Аиааира амш иазкуп", — ҳәа азгәеиҭеит Мамед-оглы.