Арадио

Надараиа: Аԥсны аҭышәынтәалара аныҟамла - аинвестициақәагьы зыҟалом

Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа Аԥсны-Урыстәылатәи аусуратә форум ахьымҩаԥысуа аҭыԥаҿ еиҿкаауа астудиаҿы арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит Аԥсны аинвестициақәа радыԥхьаларазы аҳәынҭқарраҿы аҭышәынтәалара ыҟазарц шаку.
Sputnik
Надараиа: аҭышәынтәалара аныҟамла аинвестициақәагьы зыҟалом

"Аҭышәынтәалара азинхьчара аганахьала ианыҟамла, ауаа ааӡом. Зегь раԥхьа аекономика аҟны игылоу агәрагара ауп. Угәра ахьыргаз убрахь уцоит, сасрагьы, усурагьы, ԥсшьарагьы. Иаауа аинвесторцәа аҭышәынтәалара аганахьала аҭагылазаашьа аҽамԥсахкуа, аинвестициақәагьы ҟалом", — ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.

IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы. Ауснагӡатә иаҭаауеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аделегациа, Урыстәыла афедерациа Ахеилак алахәылацәа, ДЖәР, ЛЖәР рекономика аминистрцәа, Ермантәылеи Сингапури рбизнесуаа.