Ашәба: ӷьычралеи ақәыларалеи аинвестициа Аԥсны изааӡом
© Sputnik
"Абизнес иаҿу аӡәы дырӷьычуеит, егьы ддырҳәуеит, ус ала аинвестициа Аԥсны изааӡом. Аинвестициақәа амҩақәа рыҭатәуп, ирманшәалатәуп. Ашәарҭадара рапҳьа игылоуп, нас — аԥара. Адунеи аҿы зегьынџьара астровка ҳәа иҟоуп, ҳара иҳамам ус еиԥш, иҳамоу аус шыҟаҵатәу ауп иаҳнарбо. Астраховка ыҟамкәа ауаҩы дааны амал ара иадиҵаӡом. Макьана аҽеиҿкаара ҳагуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.