Арадио

Кәакәаскьыр: амчраҿы апартиақәа рхаҭарнакцәа зегь нагазар, ажәлар еиднакыларын

Иалшома амчраҿы апартиақәа реибакапанра, насгьы уи ажәалар реидкылара иахәома, абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәаанагара иҳәон адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, аибашьра аветеран Виачеслав Кәакәасқьыр.
Sputnik

"Уажәтәи амчра ыҟанаҵы иалшахараны иҟаӡам ажәлар реидкылара. Избанзар, 2014 шықәса рзы Аԥсны ахадарахьы ицоз акандидатцәа зегьы рнапы аҵарҩит амчрахь егьырҭ аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәагьы рнагаразы аиқәашаҳаҭра , аха уи нагӡамызт. Сара сгәы иаанагоит, амчраҿы апартиақәа рахаҭарнакцәа зегьы нагазар, уи ажәлар еиднакылап ҳәа", — азгәеиҭеит Кәакәасқьыр.