Арадио

Қәираиа: ажәлар еилибакаарц азы аҳәынҵәеиқәҭәара ҟамлароуп

Амилаҭҭә еибакапанра ҟалар, ажәалар реидкылара иацхраауама, абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, ауаажәларратә палата алахәыла Едуард Қәираиа.
Sputnik

"Ажәлар еилибакаартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаларцаз, аҳәынҵәеиқәҭәара ҟамлароуп. Ҳаҭыреиқәҵарала иара ажәлар ирызныҟәатәуп. Аҳәынҭқаррахь инеиуа рҟынтәгьы еснагь иҳаҳауеит: "сара адгылаҩцәа сымоуп" ҳәа, убри ҟамлароуп. Владислав Арӡынба даныҟаз аахыс, ҭыԥла рҽыраԥсахуеит акәымзар, дара иҟац роуп иҟоу. Аԥсны шәҩык роуп амчраҿы еснагь иҟоу, уахь инеиуа. Еиӷацәоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, иалымшогьы ҳәа акгьы ыҟамӡам", — ҳәа азгәеиҭеит Қәираиа.