"Сара арҭ аформуқәа срылахәуп жәашықәса раахыс, аха аԥхьаӡатәиқәа раан даара ауаҩы игәы иахәартә аиԥыларақәа мҩаԥысуан. Аҵыхәтәантәиқәа маҷк ихьысҳахеит. Сынтәатәи афорум аҿы иаҳа инарҭбааны азҵаарақәа ҳрылацәажәоит ҳәа сақәгәыӷуан. Ҳара аекономика шьҭаҳхырц азы, аинвестициақәа ааироуп, урҭ Урыстәылантәи ада џьарантә ҳаӡыԥшӡам. Урыстәыла асоциалтә цхырраразы иаанашьҭуа апарақәа рыдагьы, Аԥсны иаԥҵатәуп аҭагалызаашьа, аекономика ашьҭыхразы, ауааԥсыра акредитқәа роулартә еиԥш", — ҳәа азгәеиҭеит Ԥиԥиа.
Инарҭбааны агәаанагара шәазыӡырҩ шәылшоит аудио аҿы.