Апринц Гаррии Меган Маркли ахшара изыԥшуп

Британиатәи апринци иԥшәмаԥҳәыси рзы ахәыҷы раԥхьатәиуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 15— Sputnik. Апринц Гаррии Меган Маркли ахшара иизыԥшуп ааԥынразы ҳәа аанацҳауеит RT.

"Дара рыклартә ҳаракыра Сассектәи агерцоги агерцогиниеи алаҳәара ҟарҵоит 2019 шықәса ааԥынразы ахшара ишизыԥшу", — ҳәа адырра ҟанаҵеит Кенсингтонстәи ахан Twitter аҿы.

Гаррии Мегани аҭаацәара иалалеит лаҵарамза 19 2018 шықәса рзы. Агерцоги агерцогиниеи рчара ацеремониа мҩаԥган Виндзортәи абааш аҿы. Ачара ашьҭахь ҿыц еибагаз Сассектәи агерцоги агерцогиниеи ҳәа ахьӡшьара роуит.