Кельн агәҭа идырым џьоукы ауаа шасыс иргеит

Кельн ақалақь Бреслауерплац ашҭа иацәыхарамкәа идырым џьоукы ауаа шасыс иргеит. Аҭыԥ ахь инеиит аполициа аусзуҩцәа. Иҟалаз аҭҵаара иаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik. Кельн ақалақь адәыӷбаангыларҭа иаҵанакуа Бреслауерплац ашҭа иацәыхарамкәа идырым џьоукы ауаа шасыс иргеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыԥантәи аполициа рдыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Уаанӡа Focus ахҭыз ахҭыгәлацәа ражәақәа шьаҭас иганы адырра ҟанаҵахьан ақалақь аҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман, ааха зауз ыҟазаргьы алшоит ҳәа.