Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

1500-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауааи 300 рҟынӡа арратә техникеи алахәуп Аԥсны имҩаԥысуа арратә ҽазыҟаҵарақәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥырҩы дызмам аппаратқәа аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥшыхәрақәа мҩаԥыргон, абри аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи" "Гәдоуҭеи" рҟны ҩымчыбжь рыҩныҵҟа имҩаԥысуан аҽазыҟаҵарақәа.

"Иқәыргылоу адҵақәа рынагӡараан Амшын еиқәа аԥшаҳәеи ашьха-абнаратә ҭыԥқәеи иахьрыҵаркуа аԥырҩы дызмам аппаратқәа рылшарақәа еиӷьыртәуан, рԥышәа иаздырҳауан", — ҳәа аҳәоит арратә округ апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

1500-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауааи 300 рҟынӡа арратә техникеи алахәуп Аԥсны имҩаԥысуа атактикатә арратә ҽазыҟаҵарақәа. Ахархәара рыҭоуп 20 рҟынӡа ҳаамҭазтәи аԥырҩы дызмам аппаратқәа.