Арадио

Аслан Лакоба еиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы ачаӡраҿы азауадқәа аԥыжәара зырҭо

Адунеи аҿы, жьҭаара 16 рзы иазгәарҭоит ача Жәларбжьаратәи амш. Иахьатәи аамҭазы ачаӡраҿы азауадқәа аԥыжәара зырҭо атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи ачазауад аиҳабы Аслан Лакоба.
Sputnik
Лакоба еиҭеиҳәеит ачаӡраҿы ихадараны иаликаауа атәы

"Сара ари ахырхарҭаҿы аус зуежьҭеи 18 шықәса ҵуеит. Иахьатәи аамҭа ҳацныҟәартә еиԥш ишахәҭоу ачаӡра ҳаҿуп- 40 хкы рҟынӡа аалыҵ ҟаҳҵоит. Раԥхьа инаргыланы ҳусураҿы ажәлар иргәаԥхартә еиԥш ача ҭҳажьуеит, зхаҭабзиара ҳараку рфаларцаз. Иҟаҳҵоит арҵәыгақәа змам ача. Урыстәылантәи иаауа аԥсшьаҩцәагьы ҳаалыҵ агьама збахьоу даара иргәаԥхоит, ианцогьы иргоит. Ҳус ишахәҭоу еиԥш ҳазнеиуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Лакоба.