Арадио

Аҩӡба Аҟәатәи ачаӡырҭақәа ргәаҭара иазкны: ирӡуа уацәымшәакәа иуфаратәы иҟоуп

Аҳәынҭқарра ашәага-загақәеи ахархәареи атехникатә хылаԥшразы аилак аусзуҩцәа ачазауадқәа рҿы имҩаԥыргоз агәаҭарақәа ртәы арадиостудиаҟны еиҭеиҳәеит Sputnik Аԥсны акорреспондент, ача аҵкыс абысҭа еиӷьазшьо Бадраҟ Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба Аҟәатәи ачаӡырҭақәа ргәаҭара иазкны: ирӡуа уацәымшәакәа иуфаратәы иҟоуп

"Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит ачазауадқәа русзуҩцәа рзы ргәырҽанӡамкәа. Уи хықәкысгьы иамоу иҟоу аҭагылазаашьа аилкаара ауп. Иахьа ҳазҭааз ачаӡырҭақәа ҩба рҿы аилагарақәа ыҟамызт. Ачашыла аҵәахырҭатә ҭыԥ инаркны ачаӡра иадҳәалоу еиуеиԥшым аетапқәа рҟынӡа зегь гәаҭан. Асанитартә ҭагылазаашьа акәзаргьы иахьынаԥшлакгьы зегьы ишахәҭоу еиԥш иҟан. Ажәакала, ирӡуа ача уацәымшәакәа иуфаратәы иҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.