Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит "Кавказ" Кремль ишрыдыркылаз атәы

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" алахәын Москва имҩаԥысуаз аиубилеитә цәыргақәа "Ахьтәы ҭагалан" аартра. Иарбан кәашароу ансамбль ахәаԥшцәа ирыдыргалаз, насгьы ишԥарыдыркылеи ахәаԥшцәа акәшаҩцәа абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Ҭарба "Кавказ" Кремль рықәгылара иазкны

"Ари акәашара еснагь ахәаԥшцәа ианрыдаҳгалоз, игылан акәын ишрыдыркылоз. Кремльгьы убас иҟалеит. Асцена аҟнытә ахәаԥшцәа уанрыхәаԥшуаз ухлахаҵ гьежьуан, убысҟак идуун азал. Асоло назыгӡоз акәашаҩцәагьы уи азгәарҭеит, ауаа улаԥш рхьымзо, ирацәаҩӡан. Абираҟқәа анырба анапеинҟьара иалагеит, урҭ акыраамҭа еихсыӷьӡомызт. Аконцерт амҩаԥгаҩгьы лажәа иалаҵаны илҳәеит: "иҭабуп Аԥснынтә ҳныҳәа зырԥшӡаз" ҳәа", — азгәеиҭеит Ҭарба.