Арадио

Убириаԥҳа еиҭалҳәеит Москва дызлахәыз астудентцәа рхеидкыла аконгресс атәы

Москва ихыркәшоуп "Астудентцәа рхеидкыла- 2018. Жәларбжьаратәи аконгресс". Уи иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәагьы. Аконгресс аҿы излацәажәоз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны еиҭалҳәеит Миранда Убириаԥҳа.
Sputnik
Убириаԥҳа еиҭалҳәеит Москва дызлахәыз астудентцәа рхеидкыла аконгресс атәы

"Китаи, Польша, Индиа уҳәа еиуеиԥшым адунеи акәакьқәа рҟнытә ирацәаҩын Аконгресс иалахәыз астудентцәа рхыԥхьаӡара. Ҳәарада, аиҩызара ҳабжьаҳҵеит, аԥышәа еимаадеит. Иҳаман алшара ҳкультура, ҳмилаҭ ҷыдарақәа ртәы деилыркаара. иара убас, ирзеиҭаҳҳәеит ҳара ҳастудентә ԥсҭазаара зеиԥшроу. Жәаҳәарада, ари аконгресс аԥышәа унаҭоит. Иҳаман алшара еиуеиԥшым азҵааақәа рзы аекспертцәа рыҿцәажәара", — азгәалҭеит Убириаԥҳа.