Арадио

Џьарназ Бениа еиҭеиҳәеит Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир шымҩаԥысуа атәы

Аԥсны еизгоу акоманда зхы иақәиҭу ақәԥаразы азыҟаҵаҩ хада Џьарназ Бениа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа Рашь Хәытаба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи атурнир еизнагаз аспортсменцәа ртәы.
Sputnik

"Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа ҳалагеит Рашь Хәытаба ихьӡ ӡху Жәларбжьаратәи атурнир. Ари аҭоурых змоу турнируп. Сара сыԥсы ахьынӡаҭоу исхамышҭуа схаҿы иаанхеит раԥхьатәи атурнир. Иара далахәын раԥхьатәи Аԥсны аҳәынтқарра ахада Владислав Арӡынба. Убасҟан асасцәа рацәаны иаҳӡааит. Иахьагьы имаҷымкәа аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә, Уаԥстәыла, Адыгатәыла, Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтә  уҳәа шәҩык рҟынӡа ақәԥаҩцәа алахәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Бениа.