Арадио

Жанаа: "Ахшзауад" аалыҵ ауаа иахьырымго ҳгәы ҳнархьуеит

Аԥсны аекономика аминистрраҿы аҳәынҭқарратә наплакқәа рҳәаақәҵаразы аспециалист хада Аслан Жанаа иазгәеиҭеит Аҟәатәи "Ахшзауад" аалыҵ алаҵәара шамам.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Жанаа "Ахшзауад" аалыҵ иазкны

"Ахшзауад аалыҵ Аԥсны аларҵәара амаӡам. Убри аҭагылазаашьа ҳгәы еихьнашьуеит. Ахшзауад аалыҵ иҵегь еиӷьхартә еиԥш угәы азыҟаӡам, избанзар ауаа иргаӡом. Ҳуааԥсыра макьана ирзеилкаауам ҳаалыҵ иаҳа ишеиӷьу, ахаҭабзиара шыҳараку, еиуеиԥшым аҿҳәара ацызҵо амаҭәашьаракәа шалам. Адәқьанқәа рҿы акәзар, агара рҭахӡам, жәамш рыла аҿҳәара нҵәоит, иаазхәо ҟалаӡом ҳәа. Арахь ауааԥсыра рҟнытә иҟоуп иазҵаауагьы", — ҳәа азгәеиҭеит Жанаа.