Арадио

Аргәынԥҳа: арыцҳара иақәшәаз ауаҩы иахьа уидымгылар, нас ихьшәахоит

Аԥсуа драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы иазгәалҭеит Аурыс театр актиор Рубен Депелиан ацхыраара иҭара Аԥсуа драматә театр иахәҭаны ишырыԥхьаӡаз атәы.
Sputnik

"Имҩаԥаагаз аспектакль иара ҳрепертуар иалан. Ҳколлега дзықәшәаз аҭагылзаашьа атәы анҳаҳа, иазыӡбан ақәыргыламҭа иаанаго аԥарақәа иара игәабзиара аиӷьтәразы иҳархарц. Ари адунеи зегьы аҿы ус иҟоуп. Доусы аицхыраара анрыбжьоу, азҿлымҳара анрыбжьоу ари гәахәароуп, ус иҟазароуп есқьынагьы. Арыцҳара иақәшәаз ауаҩы иахьа уидымгылар, нас ихьшәахоит", — ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.