Арадио

Инџьгьиа Владислав Арӡынба изкны: ижәлар рыхьчара далагахьан анаукаҿы

Владислав Арӡынба изку адокументалтә фильм "Перо хеттолога", иахьа Аҟәа зӡыргара мҩаԥысуа, автор Џьамбул Инџьгьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ахеттологиа иазку иҭоурыхтә ҭҵаарақәа иахьа адунеи зегьы аҿы рхы ишадырхәо атәы.
Sputnik

"Владислав Арӡынба ихьышьҭа аанижьит аҭҵаараҿы. Афильм хымԥада иалахәуп урыстәылатәи аҵарауаа, иара убас ҳаҟан Ҭырқәтәыла, иҳалшеит ҩыџьа аԥсуа хеттологцәа рыԥшаара. Черм ҳәа иҟоу ақалақь аҿы еиҿкаауп ауниверситет аԥсуаа аус ахьыруа, уигьы аартыроуп ҳара ҳзы. Владислав Арӡынба иҟыбаҩ, насгьы ирҿира адуниаҿы рхы иахьадмырхәо ыҟаӡам. Ахеттологиа иазку ишәҟәы аҭырқәшәахь еиҭаргахьеит, иахьагьы аҭҵаараҿы рхы иадырхәоит. Иара хеттологуп ҳҳәоит, аха ахатаа рбызшәагьы иҵеит. Ҳҵарауаа хатәрақәа дрываҟәалоит, иара иоуп адунеи зегьы дадыруа иҳамоу", — ҳәа азгәеиҭеит Инџьгьиа.