"Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟнытә еидаҳкылон асахьақәа. Амузеи аҟны ицәыргақәҵоуп Гәымсҭатәи, Гагратәи, Мрагыларатәи ахырхарҭқәа рҿы иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа хазы-хазы. Иӡыргоуп Аԥсны зхатә гәаԥхарала иааны еибашьуаз рфотоқәагьы. Иаҳзеидымкылаз асахьақәа, рҭыԥан иҟалоит рыхьӡи рыжәли зну аҩыра, анаҩс асахьа анаҳаԥшаалак, иҭаҳҵартә еиԥш. Ҳара иаҳартуа Аԥсны ахы-аҵыхәа иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа ахьеизго залк ауп. Ахыбра зегьы еиҭашьақәыргылоуп, аха аекспонатқәа зқәаҳҵо амаругақәа рыла ҳаиқәшәам", — ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.