Керчь иҭахаз рхыԥхьаӡара даҽаӡә дацлеит

Керчтәи аколлеџь акрыфарҭаҿы аметалл иалху амаҭәашьар ала еибаркыз арԥжәага тҟәацит. Абри ашьҭахь ахысрақәа ҟалеит. Уаанӡатәи адыррақәа рыла 20-ҩык ҭахеит, 50-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит ҳәа ԥхьаӡан.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18— Sputnik. Ахашаҽны Керчтәи аколлеџь акрыфарҭаҿы аметалл иалху амаҭәашьара ала еибаркыз арԥжәага тҟәацит. Абри ашьҭахь ишырҳәо ала, ахысрақәа ҟалеит. Иҟалаз иумҭоуп иара абри аҵараиурҭаҿ аҵара зҵоз астудент Владислав Рослиаков. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахаз рхыԥхьаӡара даҽаӡә дацлеит, 21-ҩык ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Керчь иҭахаз рыуацәа ирыдышшылеит

"Иҭахаз рхыԥхьаӡара 21-ҩык ҟалеит", ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра.

Ахашаҽны Керчтәи аколледж акрыфарҭаҿы аметалл иалху амаҭәашьар ала еибаркыз арԥжәага тҟәацит. Абри ашьҭахь, ишырҳәо ала, ахысрақәа ҟалеит. Иҟалаз иумҭоуп иара абри аҵараиурҭаҿ аҵара зҵоз астудент Владислав Рослиаков. Иара ииуз ашьҭахь ихы даеихсит.

Аусҭҵааратә еилакы аԥхьа аусура хацнаркит ахәҭаҷ "атерроризм" инақәыршәаны, нас иара ԥсахын "ҩыџьа инареиҳаны рышьра" ахәҭаҷ ала.

Ахәрақәа зауз шамахамзар аԥжәара аныҟалаз ауп ианроуз. Иҭахаз – ахқәа раахеит. Асоциалтә ԥгаԥса афонд аҟынтәи иҭахази ахәрақәа заузи рҭаацәа миллионк-миллионк мааҭ роуеит, абиуџьет аҟынтәи иҭахаз рҭаацәа иара убасгьы миллионк-миллионк мааҭ рзоужьхоит, ахәрақәа зауз – 500-500 нызқь мааҭ.