Аԥсны азыхиоуп Керчь арыцҳара иҭашәаз рыцхыраара

Жьҭаара 17 рзы Керчьтәи аколлеџь аҟны иҟалаз аԥжәара иахҟьаны иҭахеит 21-ҩык, ахәрақәа роуит 50-ҩык инареиҳаны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Аԥсны аиҳабыра азыхиоуп Керчь иҟалаз аԥжәара иахҟьаны арыцҳара иҭашәаз ауаа рыԥсшьара аиҿкаара. Абри атәы аҳәоит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба Ҟрым ахада Сергеи Аксенов ихьӡала иишьҭыз ашәҟәаҿы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Керчь иҭахаз рхыԥхьаӡара даҽаӡә дацлеит

"Ари арыцҳара адунеи ажәларқәа зегьы ргәы днархьит. Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра ахьӡала срыдашшылоит Керчь иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи" ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.

Ахашаҽны Керчьтәи аколлеџь акрыфарҭаҿы аметалл иалху амаҭәашьар ала еибаркыз арԥжәага тҟәацит. Абри ашьҭахь, ишырҳәо ала, ахысрақәа ҟалеит. Иҟалаз иумҭоуп иара абри аҵараиурҭаҿ аҵара зҵоз астудент Владислав Рослиаков. Иара ииуз ашьҭахь ихы даеихсит.

Аусҭҵааратә еилакы аԥхьа аусура хацнаркит ахәҭаҷ "атерроризм" инақәыршәаны, нас иара ԥсахын "ҩыџьа инареиҳаны рышьра" ахәҭаҷ ала.

Ахәрақәа зауз шамахамзар аԥжәара аныҟалаз ауп ианроуз. Иҭахаз – ахқәа раахеит. Асоциалтә ԥгаԥса афонд аҟынтәи иҭахази ахәрақәа заузи рҭаацәа миллионк-миллионк мааҭ роуеит, абиуџьет аҟынтәи иҭахаз рҭаацәа иара убасгьы миллионк-миллионк мааҭ рзоужьхоит, ахәрақәа зауз – 500-500 нызқь мааҭ.